Арадио

Кәарҷиа COVID-19 иадҳәаланы: ииашам ухымҩаԥгашьа ауаҩы дашьыр ауеит

Ауаажәларратә палата алахәыла, анаплакҩы Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит COVID-19 аҿагыларазы ҿыц иалагалоу аԥкрақәа ахьынӡахәҭоу, урҭ лҵшәас иаарышьҭуа, атәыла аекономика ишаныԥшуа азы игәаанагара.
Sputnik

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵаиҩит атәылаҿ аԥкра ҿыцқәа алагалазарц жьҭаара 15 инаркны абҵара 24 рҟынӡа.

 

Кәарҷиа COVID-19 иадҳәаланы: ииашам ухымҩаԥгашьа ауаҩы дашьыр ауеит

"Иагьа ԥҟара ҟаиҵаргьы аҳәынҭқарра ахада, ҳара ҳхы ҳмыхьчар, ишахәҭоу имҩаԥаҳамгар, ҳҭагылазаашьа хьанҭахоит. Иахьа иаҳбоит аҳақьымцәа шаҳзымхо. Ауаҩы дычмазаҩхаргьы ишахәҭоу иҵазҳәо ыҟаӡам. Амч змоу Урыстәылаҟа дцеит, иҟоуп Қырҭтәылаҟа ицаз. Ауаа ашоура рыманы инеир ишьҭарҵаӡом, ихьанҭахар ишьҭарҵоит. Иҟоуп изызхәыцтәу аҭагылазаашьа. Алшара ыҟазароуп ауаҩы атест ҟаиҵарц, насгьы иҽааникылароуп. Ухымҩаԥгашьа иашамкәа имҩаԥугар, ауаҩы ачымазара ирхьны душьыр ҟалоит. Апропаганда аҳасабала есыхәылбыҽха ауаа ирылаҳәалатәуп рхы шымҩаԥыргаша. Уажәы аинтернет ала иржәыша ахәшәқәа ддырбоит, урҭ ауаҩы ддырҟьалар ауеит", -ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: