Кәарцхьиа: Гәдоуҭаа апты капанны ирҭиӡом, иркуа ршьуеит
© Sputnik
"Гәдоуҭа араион ҩажәа қыҭа ыҟоуп. Дгьылла 4-5 нызқь метра ауаа рхы иадырхәоит. Ҵыԥх аасҭа ҩынтә еиҳаны сынтәа адгьылқәа рцәаӷәеит. Аҽаҩра угәы иахәо иҟан, аха аҵыхәтәан хәыҷык аарҩара аԥырхагахеит. Сынтәа акарпыжә рацәаны иаадрыхит араион аҟны - 1200 нызқь тонна рҟынӡа. Ҩба-хԥа нызқь тонна ауҭраҭых аадрыхит, аџьықәреи 1500 - 2 нызқь тонна рҟынӡа сынтәа иҳауеит ҳәа ауп, ахәырма 1200-1500 тонна инацны ҳазыԥшуп, 2 нызқь тонна рҟынӡа амандарина. Ацитрус ҵыԥх аасҭа иаҳа имаҷзаргьы ахаҭабзиара еиӷьуп. Амармалташьтә пты аԥырхага ҳанаҭеит, аха ус ишыҟоугьы ацитруси ахәырмеи аҽаҩра бзиоуп", - иҳәеит Кәарцхьиа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Кәарцхьиа еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҟны аҵиаақәа рыхәшәтәра иахьынӡазхиоу атәы