Арадио

Шамԥҳа: ачаӡраан ихадароуп игәоуҭахьоу, иԥушәахьоу, ажәытә технологиа ақәныҟәара

Жьҭаара 16 рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит ача амш. Атехнолог Мадина Шамԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ачаӡраан хадара злоу марҭхәны иҟоу.
Sputnik
Шамԥҳа: ачаӡраан ихадароуп игәоуҭахьоу, иԥушәахьоу, ажәытә технологиа ақәныҟәара

"Ачахкқәа рҟнытә еиҳарак ауааԥсыра иаархәо ача шкәакәеи ачеиқәеи роуп, урҭ рыхә иаҳа имаҷуп, аҳәынҭқарра ишьақәнаргылаз ала иаҳҭиуеит. Ҳзауад быжьхкык ачақәа ҳӡуеит, зегьы еицырдыруа ачақәа рыдагьы, ибзиан иаархәоит финтәи ҳәа изышьҭоу, ачеиқәаҵәа уҳәа. Еиҭа ахкқәа алаҳгалар ҳҭахуп, аха ажәлар аахәара рцәыҩадаҩуп аҟнытә, макьана иалаҳгалом. Ачаӡырҭақәа доусы дара рхатә технологиа рымоуп, ҳаргьы ус, уи амаӡа ааҳартуам. Ҳара аус аауеит игәаҳҭахьоу, иԥаҳшәахьоу ажәытәтәи атехнологиала. Ачаӡраан иара иаҭахым, иахәҭам марҭхәк аҳҭаӡом. Аус рыцаауеит тихорецктәи ахолдинг, дара еснагь иаарышьҭуеит зхаҭабзиара ҳараку ачашыла. Ауааԥсыра ҳча аныргәаԥхо, уи атәы анырҳәо ҳаргьы ҳгәы шьҭнахуеит, ҳусура ҳгәы азыҳәоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Шамԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: