Аҟәа ақалақь ахада иқәҵарала жьҭаара акы инаркны аҳҭнықалақь аҟны апассаџьырцәа рныҟәгаразы ауаажәларратә транспорт аҿы аамҭалатәи аԥҟарақәа шьақәыргылан. Убасгьы ахаша имҩаԥгаз аилацәажәараҟны иазгәаҭан атранспорт иҭало зегьы асабрадақәа ныҟәаргалароуп ҳәа.
"Раԥхьа иргыланы ауаа ргәабзиара ҳазхәыцуазароуп. Амашьынарныҟәцаҩцәа ршоура шьыжьи-хәылбыҽхеи игәаҳҭоит иахьынӡаҳалшо. Иахьатәи амш азы 15–ҩык рҟынӡа ахыԥхьакрахь иҳашьҭит зшоура шьҭыҵыз, аҭахҳәга ҟаҳҵеит ранализ ргарц", - иҳәеит Шәлымба.
Иара иазгәеиҭеит аԥҟара ишаҳәо ала ауаа рмаҷны рныҟәгаразы ауадаҩрақәа шыҟоу, дырзааҭгылеит урҭ зыдҳәалоу.
"Иахьазы хәҩык-жәаҩык рныҟәгаразы акәӡам иаҳа уадаҩрас иҟоу. Проблемас иҟоу иныҟәгатәу ауаа маҷӡам, ртәара узышьақәыргылом. Аиҿцәажәара ыҟан аҳҭнықалақь ахада иҟны амаҵзурақәа зегьы злахәыз, ишьҭыхын азҵаара амедицинатә сабрадақәа рхаҵаны ауаа риагара ахьынӡашәарҭоу ҳәа. Асабрада ануҿоу ишәарҭаӡам ҳәа ишьақәыргылоуп, убри аҟынтәи иахьынӡауа зегьы амедицинатә сабрадақәа ныҟәыргалар атранспорт аҟны, уадаҩра ҟалом ҳәоуп ишеилыскааз", - иҳәеит Шәлымба.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Амилициа атранспорт аҿы аԥкрақәа ишрықәныҟәо гәарҭоит
Амилициа арныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи аԥкрақәа ирықәныҟәарц шрабжьырго>>авидео
Шәлымба апассаџьырцәа рныҟәгаразы аԥҟара ҿыцқәа рзы: иахьынӡауа инаҳагӡарц ҳаҿуп