Аҟәа атроллеибусқәа аусура еиҭахацдыркит

Атроллеибусқәа "Араион ҿыц - аџьармыкьа", "Алашарбага - Ҭҳәыбын", "Ажәытә ҳабла - аџьармыкьа" ныҟәаӡомызт иарбоу амаршрутқәа рыла жьҭаара 5 инаркны амҩеиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирхырҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Араион ҿыц, Алашарбага, Ажәытә ҳабла рахь ицо атроллеибусқәа аусура еиҭалагоит жьҭаара 17 инаркны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит АУН "Атроллеибустә усбарҭа" анџьныр хада Енвер Чамагәуа.

Чамагәуа иазгәеиҭеит атранспорт аҟны ауаа шахматла ишдыртәало, апассаџьырцәа асабрадақәа рхамзар, ишҭармыжьло.

Атроллеибусқәа рныҟәара аамҭа шыҟаз иаанхоит - 6:15 инаркны 21:00 рҟынӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: