АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 403-ҩык ирзыҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус 124-ҩык рҟны иаадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 156-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 125-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 15-ҩык, ибжьаратәуп - 21-ҩык, илҩаауп 12-ҩык апациентцәа.
Зынӡа Гәдоуҭатәи агоспиталь иҳаҩсыз амш иалагӡаны иҭашәеит 13-ҩык ачымазаҩцәа.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>