"Иарбанзаалакгьы аҳамҭа гәык-ԥсыкала ауаҩы иузыҟаиҵо ҳамҭа дууп сара сзы, аха урҭ рахьынтә зегь реиҳа сзеигәырӷьаны ҳәа исыԥхьаӡо: актәи акласс аҿы итәаз аӡӷабцәа хәыҷқәа ашкол ашҭаҿы иԥшааны рнапала ашәҭқәа еизганы скабинет аԥхьа иааит, убасҟан ахәыҷқәа исзыҟарҵаз аҳамҭа ахааназ исхашҭуам, убри зегьы иреиҳаны иаанхеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьапуаԥҳа.
Апоетесса лажәақәа рыла ахааназ лҩыга шьҭыхны ажәеинраала сҩып ҳәа дымтәац.
"Ажәеинраалақәа иахьагьы исыҩуеит. Аҭыжьра иазырхиоуп ахԥатәи сажәеинралаақәа реизга, егьыс, ажурнал "Алашараҿгьы" икьыԥхьуп. Атематикагьы аҽамԥсахит, апатриотизм, аԥсадгьыл абзиабара, аԥсабара абзиабара, ауаа рахь исымоу абзиабара, аԥсҭазаара есқьынгьы изызкыз, иахьагьы изызку. Ажәеинраала аҩразы аҭыԥи аамҭеи амаӡам. Сышныҟәо ҩынтә-хынтә ишысҳәо анҵаха соур ианысҵоит, ианысцәыӡуагьы убап ", - ҳәа азгәалҭеит Џьапуаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҭоурых иагәылаҵәаху: Џьапуаԥҳа Баграт Шьынқәба иҩны-амузеи иазкны