"Акомиссиа аԥҵоуп. Иаарласны иҟалоит актәи аилатәара, уа атәыла ахада иҟынтә иҳауеит еиуеиԥшым адҵақәа. Иара азин имоуп Аконституциа аԥсахрақәа роума, алагаларақәа роума аҟаҵара. Жәа-шықәса инареиҳаны ҵуеит, иара ажәлар рҿгьы лассы-лассы иалацәажәоит, анагӡаратә мчи азакәанԥҵаратә мчи рыбжьара аиҟарра аҟалара атәы. Са сгәы иаанагоит атәыла ахада убри аганахьала азҵаарақәа шьҭихуеит ҳәа. Аконституциа аԥсахрақәа мышкала изыҟалаӡом, иара Аконституциаҿы ишарбо еиԥш алагалақәа аҟаҵаразы иҟоуп еиуеиԥшым ашьаҿақәа, урҭ аамҭала шьықәсыкбжак еиҵамкәа иануп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габниа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны иаԥҵоуп Аконституциатә реформазы Акомиссиа