Арадио

Аџьба Ҭырқәтәылантә аԥсуа диаспора иҟанаҵаз ацхырааразы: даара иаҳҭахыз акәны иҟан

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра афармациа аҟәша аиҳабы Ахра Аџьба арадио Sputnik аефир аҿы ҭырқәтәылантәи иаагоу агуманитартә цхыраара аҭирахь инагоуп ҳәа иҟоу ацәажәарақәа ахҳәаа рзыҟаиҵеит.
Sputnik
Аџьба Ҭырқәтәылантә аԥсуа диаспора иҟанаҵаз ацхырааразы: даара иаҳҭахыз акәны иҟан

"Агуманитартә цхыраара, Ҭырқәтәылантә иҟаҵаз, даара иаҳҭахыз акәны иҟан. Уи ҳадыҳкылеит, иҳаԥхьаӡеит. Асоциалтә даҟьақәа рҿы иркьыԥхьыз афото иҳауз ахәшәқәа зынӡагьы ирылаӡам. Иахьа аҭагылазаашьа шыцәгьоу зегьы иаадыруеит, ацхыраара иаарышьҭыз аҭирахьы идәықәырҵеит ҳәа аҳәара рхы иагьзлаҭәаршьеи. Иаарышьҭыз ахәшәқәа рызшахоит COVID-19 змоу ахьырхәышәтәуа ахәышәтәырҭақәа рыбжьара. Гәдоуҭа агоспиталь аҿы иҟоуп 250 рҭыԥ, гагратәи ахәышәтәырҭа аинфекциатә ҟәшаҿы - 20 ҭыԥ. Аҟәа ақалақь аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы – 20 ҭыԥ, аҩбатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы - 20 ҭыԥ. Иаҭаххозар, Аҟәа еиҭа 20 ҭыԥ аартхоит аонкологиатә хәышәтәырҭаҿы. Очамчыра, Тҟәарчал - 20-20 ҭыԥ, Гал араион аҿы - 10-ҩык рҭыԥ. Иарбанзаалакгьы ахәышәтәырҭа шаҟа чымазаҩцәа рыдыркыло аҟара ахәшәқәагьы рыҭахоит", - ҳәа азгәеиҭеит Аџьба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: