Ацхыраара ааит: урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсны ишышьақәдыргылаз

Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа идәықәҵан Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы идыргылеит.
Sputnik

Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 113-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи. Ари агоспиталь 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшоит. Иара убас ара иҟоуп алабораториа, арентген ауада, еиқәыршәоуп арԥҳақәа аҳауарҭарсгақәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа рыла. ПЦР-анализқәагьы аҭыԥан иҟарҵалоит.