Ермантәыла Апарламент адепутат Ҟарабах дырхәит

Ермантәыла Амилаҭтә еизара - Апарламент адепутат Сасун Микаелиан Ашьха Ҟарабах имҩаԥысуаз актәи аибашьраан деибашьуан.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 19 — Sputnik. Ермантәыла Амилаҭтә еизара - Апарламент адепутат (афракциа "Сара сшьаҿа") Сасун Микаелиан Ашьха Ҟарабах дырхәит.

Ермантәылеи Азербаиџьани Ҟарабах ахымцаанкылара еиларгеит ҳәа ахара рыдибаҵоит

Адепутат Микаелиан – Ҟарабах аԥхьатәи аибашьрагьы далахәылан. Иара иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам.

Уажәазы Ереван агоспиталь дҭоуп.

Ауаажәларра-политикатә еиҿкаара "Союз добровольцев "Еркрапа" – арратә еиҿкаароуп, ишьаҭаркуп 1993 шықәса рзы. Иара алахәылацәа Ҟарабах аибашьра иалахәын. Аидгыла иалахәуп 10 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.

Ҟарабах аҭагылазаашьа еицәахеит цәыббра 27, 2020 шықәса рзы. Уижьҭеи аибашьраҵәҟьа мҩаԥысуеит. Ермантәылеи Ҟарабахи арратә ҭагылазаашьа аԥҵоуп.