Ермантәылеи Азербаиџьани Ҟарабах ахымцаанкылара еиларгеит ҳәа ахара рыдибаҵоит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВоенный конфликт в Карабахе
Военный конфликт в Карабахе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва имҩаԥысуаз Ермантәылеи Азербаиџьани рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа жәа-сааҭк ицоз аилацәажәараҟны Ҟарабах ахымца аанкылахарц азы аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит, уи амчра аиуит жьҭаара 10, асааҭ 12:00 инадыркны.

АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Ермантәыла атәылахьчара аминистрра Бақәа ахара аднаҵоит Ҟарабах ирыларҳәаз ахымцаанкылара еиланагеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ермантәылатәи аусбарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Шушан Степаниан лажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Жьҭаара 10 рзы ирылаҳәаз асааҭ 12:00 инаркны иалагалахаз ахымцаанкылара иацәхьаҵны, азербаиџьантәи архәҭақәа асааҭ 12.05 рзы "Карахамбеили" захьӡу аҭыԥ иажәлеит. Арцах атәылахьчара арбџьармчқәа аӷа иҿаԥхьа аҿагылара ӷәӷәа аадырԥшит", - ҳәа лыҩуеит Степаниан Facebook аҟны.

Азербаиџьан атәылахьчара аминистрраҟны акәзар, аҳәамҭа ҟарҵеит аерман архәҭақәа ақалақьқәа Тертери Агдами ирылахысит ҳәа. Бақәа Ереван ахара аднаҵоит ахымцаанкылара арежим "ӷәӷәала еиланагеит" ҳәа.

Ермантәылеи Азербаиџьани рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ахәаша Москваҟа инеит Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин. Аиҿцәажәарақәа 10 сааҭк иреиҳаны имҩаԥысуан, урҭ хыркәшахеит аконфликт аҭышәныртәаларазы ԥшь-пунктк злоу аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵарала. Ҷыдала иуҳәозар, аганқәа ахымца ааныркылон жьҭаара 10 асааҭ 12:00 инаркны агуманитартә хықәкы аманы атҟәацәеи иҭахази Аџьар Ҟаԥшь абжьаҟазарала реиҭныԥсахларазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0