Урыстәылатәи аруаа антиковидтә мобилтә госпиталь аргылара иалагеит

Амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵан жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы иргылахоит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аруаа амобилтә госпиталь аргылара иалагеит Аҟәа, асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы.

Апалаткақәа амашьынақәа ианырҭыргоз аруаа асабрадақәа рҿан, ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәон.

Урыстәыла Аладатәи арратә округ амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи Аԥсныҟа амҩа иқәлеит жьҭаара 17 рзы.

Амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь аруаа аштаттә техника ала Ставропольтәи атәылаҿацә Будионновск ақалақь аҟынтәи Аԥснынӡа иааит 800 километра ирхысны. Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 113-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи. Иара мҩаԥыргон Аладатәи аокруг арратә автоинспекциа аекипажқәа.

 

Агоспиталь амедицинатә персонал асасааирҭа "Аиҭар" иҩнаҵахоит. Ара агоспиталь аҳақьымцәа авирус зыдбалоу апациентцәа рыхәышәтәра нап аларкуеит.

Амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵан Аԥсны атәылахьчара аминистрра иҟанаҵаз аҳәара ашьҭахь, акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿ ацхырааразы. Амобилтә госпиталь аҿы ишьақәыргылахоит арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: