Ҩаха-ҩымш рыла Аԥсны 107-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, аӡәы иԥсҭазаара далҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 2903-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 1197-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 28-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Иҳаҩсыз ҩаха-ҩымш рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 372 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 107 тест рҟны ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб иара убас иаанацҳаит жьҭаара 17 рзы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы иԥсҭазаара дшалҵыз 1957 шықәсазы ииз апациент, иара ареанимациа аҟәша дҭашәеит жьҭаара 15 рзы иԥсыԥ лагаҩагара акыр ицәыцәгьаны, ҩганктәи агәыҵәкра иманы. Иара идунеи иԥсахит еиҳа-еиҳа изыцлаз агәы-шьадатәи аԥсыԥлагаҩагаратәи зымхара иахҟьаны, иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 176-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 140-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 23-ҩык, ибжьаратәуп - 43-ҩык, илҩаауп 10-ҩык апациентцәа. Зынӡа Гәдоуҭатәи агоспиталь ҩымш рыла дҭашәеит 31-ы чымазаҩ.

Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп COVID-19 злоу 30-ҩык апациентцәа, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 14-ҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа акоронавирус шрылоу шьақәырӷәӷәоуп, Очамчыратзи ахәышәтәырҭаҿы - 27-ҩык, урҭ рахьтә 18-ҩык акоронавирус рзышьақәырӷәӷәоуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>