Барцыц Мархьаултәи аӡыхь азы: ауаҩы ицәеижь арыцқьоит
© Sputnik
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иҭаҳҵаахьоу еиуеиԥшым амаҭәашьарқәа злоу 27 ӡы хкы роуп. Мархьаул иҟоу аӡыхь еиԥшуп Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭаҟны иуԥылақәо, Гал иҟоуп ус еиԥш. Ари ӡы хәшәуп, даараӡа имаҷны иалоуп аорганика ҳәа зырҳәо, имаҷны акьыр алоуп. Уи аӡыхь 93 метра аҵаулара амоуп. Ауаҩы даара ицәеижь арыцқьоит. Ҷыдарак амоуп амала, зықәра ыҟоу ауаҩы ибаҩқәа архәарҽоит. Егьыс ауаҩы ирԥҳа, икьатеи арыцқьаразы даара иманшәалоуп, иҭышәынтәалоуп", - иҳәеит Барцыц.
Шәазыӡырҩы аудио. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Барцыц: адгьылқәа рызҵаара - ҳәынҭқарратә усуп, ахылаԥшрагьы амазароуп
Барцыц ашьхақәа рзы: ҳрызҿлымҳазароуп, ҳаԥсуара еиқәҳархар ҳҭахызар