Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы закәаншьаҭада аҭаҭын аалыҵ аиагаразы азинеилагарақәа рацәахеит

Сынтәатәи ашықәс иалагазар, аҭаҭын аалыҵ аконтрабандаз урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа 257 административтә зинеилагараз быжь-уск хацдыркхьеит. Имҩанызгоз ирымхуп 50 000 пачка асигарет.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы закәаншьаҭада аҭаҭын аалыҵ амҩангаразы азинеилагарақәа рхыԥхьаӡара рацәахеит ҳәа аанацҳауеит Шәача аҳазалхра апресс-маҵзура.

Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы закәаншьаҭада аҭаҭын аалыҵ аиагаразы азинеилагарақәа рацәахеит

Аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы есыҽны Аԥснынтәи Урыстәылаҟа контрабандала аҭаҭын аалыҵ аиагара рҽазыршәоит. Убри аан џьоукы-џьоукы изныкымкәа иааныркылахьеит.

"Аҵыхәтәантәи 10 рыҩныҵҟа аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" ала аконтрабандаз 25 ус хацдыркхьеит. Изгоз ирымхуп 5000 пачка ", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Жьҭаара 21 рзы аҳәааҿы аҽазныкгьы иԥкын закәаншьаҭада асигарет ахыгара аҽазышәара –1500 пачка рҟынӡа.

Аҳазалхыҩцәеи аҳәаахьчаҩцәеи иааныркылеит гәҩарас иркыз автомашьына "ЛАДА ПРИОРА", иангәарҭа аҭаҭын аалыҵ рбеит. Шәкыла асигарет пачкақәа аидараҭыԥ ҟәшаҿы иҵәахын. Зынӡа иаарԥшын 96 ҭоԥ (960 пачка) асигарет "NZ 10", Белоруссиа иҭыжьыз. 22 шықәса зхыҵуа Москва атәылауаҩ иҳәеит асигаретқәа Урыстәылаҟа акоммерциатә хықәкала ишиеигоз.

Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы закәаншьаҭада аҭаҭын аалыҵ аиагаразы азинеилагарақәа рацәахеит

Мышкы уи аԥхьа автомашьына "CHEVROLET COBALT" аҿы иаарԥшын изакәанмыз аалыҵ –500 пачка белоруссиатәи асигаретқәа "NZ 10".
Атауар рымхын, аҭаҭынаалыҵ аекспертизахь инашьҭын. Ихацыркын 4 уск (УА АЗ ахәҭаҷ 16.3;  ахәҭаҷ 16.2 ахәҭа 1).

Краснодартәи атәылаҿацә Шәача ақалақь аҳазалхырҭа иазгәанаҭоит еиҳа иҿыцу атехникатә ҭаԥшыхәгақәа ахархәара шрырҭо урыстәылатәи аџьармыкьахь асигарет маӡала алагалара аԥырҟәҟәааразы.

Сынтәатәи ашықәс иалагазар, аҭаҭын аалыҵ аконтрабандаз урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа 257 административтә зинеилагараз быжь-уск хацдыркхьеит. Имҩанызгоз ирымхуп 50 000 пачка асигарет.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: