Башкириатәи аҳақьымцәа гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны русура ашьҭахь аҩныҟа игьыжьит

Башкириатәи аҳақьымцәа быжьҩык хымчыбжь инареиҳаны акоронавирус ахәышәтәразы Аԥснытәи рколлегацәа ирыцхраауан.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Башкириатәи аҳақьымцәа рыбригада Аԥсны хымчыбжьтәи русура-ҷаԥшьара хдыркәшеит ҳәа аанацҳауеит Башинформ.

Куватов ихьӡ зху Башкириатәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет аординаторцәеи, аҳақьым-стажиорцәеи хымчыбжь инареиҳаны акоронавирус ахәышәтәразы Аԥснытәи аҳақьымцәа ирыцхраауан.

Башкириатәи аҳақьымцәа ацхырааразы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь иааит

"Ҳара еиҳа иуадаҩыз ачымазцәа ҳарҿын. Дара реиҳараҩык зрыԥҳақәа иԥсабаратәым аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа рхагылан. Аԥснытәи ҳколлегацәа уи аус уажәшьҭа дара ирылшоит ҳара ҳазҿыз аус аҟаҵар", - иҳәоит агәыԥ анапхгаҩы, анестезиологиеи ареаниматологиеи ркафедра аиҳабы Ильдар Лутфурахманов.

Башкириатәи аҳақьымцәа рцынхәрас Аԥсныҟа иаауеит Калининградтәи аобласти Москвеи рҟынтәи агәыԥ.

Башкириатәи аҳақьымцәа Аԥсныҟа иааит Башкортостан ахада Радиа Хабирова инапынҵала.

Уаанӡа башкириатәи аҳақьымцәа Киргизиа, Ҟарачы-Черкесск, Амуртәи аобласт рахь инеины ацхыраара ҟарҵон.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: