COVID-19 аҿагыларазы: аҟәатәи аџьармыкьа арзҩыдара шымҩаԥгаз

Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсны иааны ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит.
Sputnik

Урыстәылатәи аруаа арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргоит Аԥсны. Жьҭаара 21 аҽны аҟәатәи аџьармыкьа аҵакырадгьыл зегьы арзҩыдара иахыжьын. Иара убас, аерозольтә рзҩыдагала  ихырҟьоит аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа, арранаԥхьаратә пункт, архив, ар рыштаб –50 000 метр ԥшьыркца еиуеиԥшым ахыбрақәа.

Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсныҟа иааит Ҟрымынтәи, жьҭаара 19 рзы. Аруаа аиԥш зеиԥшу арзҩыдарақәа Аԥсны имҩаԥыргахьан мшаԥымзазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: