Аҟәатәи аӡбарҭа Ҭарба иганахь ала ахара зду рҿахәҿыхра ахыргеит ааха зауз ахьыҟамыз азы

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа 2019 шықәса ԥхынгәы 11 рзы, амаҵзуратә уада 303 аҿы, Омар Мерцхәылаа иӷьычра далаҟьышьуп ҳәа агәаанагара зызрымаз Анзор Ҭарба иҿахәы шиҿырхуаз иԥсҭазаара далҵит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Анзор Ҭарба иганахь ала ахара зду рҿахәҿыхра ахыргеит ааха зауз ахьыҟамыз азы ахәаша, жьҭаара 23 ахь.

Аӡбаҩ Инар Кәарҷиа иажәақәа рыла аӡбарҭа аканцелиариахь инашьҭын иԥсыз иаҳәшьа Аида Ҭарԥҳа лҟынтәи арзаҳал, аԥыхьатәи аилатәараҿы ахыркәшамҭаз Ҭараа рҭаацәареи апроцесс иалахәыз Мерцхәылаа рҭаацәареи рыбжьара ажәеимакра иҟалаз ашьҭахь лхы бааԥсны ишылбо, аӡбарҭахьгьы дышзымнеиуаз азы. Ҭарԥҳа аҳәара ҟалҵеит аилатәара ахәашахь ииаргарц.

Анзор Ҭарба иус аганахьала ашаҳаҭцәа рҭыӡҭыԥ шьақәыргылоуп

Аӡбарҭа аилатәарахь  изымнеиит аҳәынҭқарратә харадҵара ахаҭарнакцәа: апрокурорцәа Даур Амҷбеи Ельвира Хазиришии, Анзор Ҭарба иԥҳа- Милана Ҭарԥҳа, ааха зауз рдукатцәа.

Аслан Ҷедиа идукат Нино Қорсаиа аҳәамҭа ҟалҵеит аӡбаҩцәа ирыдгалаз Аида Ҭарԥҳа лгәамбзиараз аршаҳаҭга ԥаршеиуп, аус аматериалқәа рахь аҵакра ҟалом ҳәа, уи лызҭаз аиҿкаара амҳәыр ахьақәгылам, аҳақьым ихьӡ ахьарбам, арыцхә акәзар жьҭаара 22 ҳәа ахьарбоу азы. 

"Ари аус аргәагәароуп иаанаго, аӡбаҩцәагьы ҳаҭыр рықәымҵароуп иаҳәо. Апрокуратура акәзар, аусҭҵааратә усқәа ҳамоуп ҳәа ирҳәо акгьаанагом, избанзар урҭ аусқәа  Аԥсны ААр ахыбраҿы ауаҩ иԥсҭазаара даналҵ  акәын ианыӡбатәыз, иахьакәӡам. Иацы аилатәара амш азы ҳааиқәышаҳаҭхеит, иахьа аусқәа рызцәырҵит",- лҳәеит лара.

Аӡбаҩ Кәарҷиа иазгәеиҭеит ахьчаҩцәеи аҳәынҭқарратә харадҵареи рган ахьыҟам азы адукатцәа рпалатахьи апрокурор хада иахьи ашәҟәы шынеишьҭуаз. Аӡбарҭа аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 23 рзы.