Урыстәылатәи аруаа арзҩыдаратә усурақәа ирыцырҵоит Аԥсны

Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи 11 машьына рколонна Ҟрымынтәи Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базахь иааит жьҭаара 19 рзы 800 километра иахысны.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аҟазауаа ҩымшуп арзҩыдаратә уснагӡатәқәа ирҿуижьҭеи. Иахьа урҭ аусурақәа мҩаԥыргоит Апрокуратура хадеи Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭеи рхыбрақәа рҿы.

Аԥхьа арзҩыдара азуын Апрокуратура хадахьы инеиуа амҩа, нас иара ахыбра аҩныҵҟа.

"Апрокуратура хада ахыбра арзҩыдаразы инеит 17-ҩык аҟазауаа ф-акк атехника рыманы. Аратәи аусурақәа рышьҭахь ииасхоит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа ахыбрахьи аҵакырахьи", - Sputnik иазеиҭеиҳәеит еидҵоу аоперативтә гәыԥ анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Павел Груздиев.

"Ицаҳәцаҳәуа" анаҟәа: урыстәылатәи аруаа арзҩыдара шымҩаԥырго Аԥсны

Ауснагӡатәқәа ирылахәуп 11 машьына: зхала арзҩыдага ақәызҭәо амобилтә комплексқәа АРС-14М, ареактив рныҟәага зықәгылоу амашьынақәа ТМС-65У, ДКВ-1К, аԥхарратә машьынақәа ТМС-65У, арзҩыдага ҷыдақәа ДК-4.

Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи 11 машьына рколонна Ҟрымынтәи Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базахь иааит жьҭаара 19 рзы 800 километра иахысны.

Уаанӡа, Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсны иааны ауснагӡатәқәа мҩаԥнагон 2020 шықәса мшаԥымзазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: