Габниа Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵара аирнааларазы: ҳекономикатә ҿиара иацхраауеит
© Sputnik
Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵара еицырзеиԥшу асоциалтәи аекономикатәи қәыԥшылараҟны рыҟазааразы аусутә гәыԥ аԥҵоуп Аԥсны ахада иқәҵарала.
"Адунеи аҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа иаҳдырбоит аиҩызара ыҟазароуп. Иҟоуп иӷәӷәоу аҳәынҭқаррақәа реиԥш зымч кәадоу, урҭ еиҩызцәахароуп.
Урыстәылеи ҳареи аиқәшаҳҭра ҳамоуп аԥеиԥштә, астратегиатә. Уаҟа иану ацхыраара акыр иаԥсоуп. Убасгьы ҳекономика аҿиаразы азакәанқәа реинаалара аҭахуп, усҟан иаҳа иаҳзымариахоит аҿиара. Уи иаҳәаӡом ҳхьыԥшымра ааннакылоит, ҳҳәынҭқарра ҵнашәаауеит ҳәа. Иахьатәи аамҭазы ус еиԥш иҟоуп Европатәи аидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа рҟынгьы, еицырзеиԥшу аԥҟарақәа рымоуп", - иҳәеит Габниа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.