Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниа Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵара аирнааларазы: ҳекономикатә ҿиара иацхраауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГиви Габния
Гиви Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азиндырҩы, Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амазаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Гиви Габниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵара аирнаалара аҭахны изиԥхьаӡо атәы.
Габниа Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵара аинрааларазы: ҳекономикатә ҿиара иацхраауеит

Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵара еицырзеиԥшу асоциалтәи аекономикатәи қәыԥшылараҟны рыҟазааразы аусутә гәыԥ аԥҵоуп Аԥсны ахада иқәҵарала.

"Адунеи аҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа иаҳдырбоит аиҩызара ыҟазароуп. Иҟоуп иӷәӷәоу аҳәынҭқаррақәа реиԥш зымч кәадоу, урҭ еиҩызцәахароуп.
Урыстәылеи ҳареи аиқәшаҳҭра ҳамоуп аԥеиԥштә, астратегиатә. Уаҟа иану ацхыраара акыр иаԥсоуп. Убасгьы ҳекономика аҿиаразы азакәанқәа реинаалара аҭахуп, усҟан иаҳа иаҳзымариахоит аҿиара. Уи иаҳәаӡом ҳхьыԥшымра ааннакылоит, ҳҳәынҭқарра ҵнашәаауеит ҳәа. Иахьатәи аамҭазы ус еиԥш иҟоуп Европатәи аидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа рҟынгьы, еицырзеиԥшу аԥҟарақәа рымоуп", - иҳәеит Габниа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0