АҞӘА, жьҭаара 24 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа 371-ы ирзыҟаҵан, урҭ рахьтә 117-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 149-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 141-ы акоронавирус адиагноз изышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 51-ҩык, илҩаауп 17-ҩык апациентцәа.
Гәдоуҭатәи агоспиталь уахыки-ҽнаки рыла иҭашәеит 10-ҩык ачымазцәа.
Иара убас аоперштаб ишаанацҳауа ала, Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 35-ҩык апациентцәа. 32-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
- Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>