Арадио

Ԥерцхьелиа: ачымазара ҿкы ашәарҭара ҳасаб азуны, ауаа аԥсыжра аҿҳәара иаахо иалагеит

Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Андреи Ԥерцхьелиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит акоронавирус чымазара иахҟьаны администрациа аусзуҩцәа рхы ԥхьакны ишыҟоу.
Sputnik
Ԥерцхьелиа: ачымазара ҿкы ашәарҭара ҳасаб азуны, ауаа аԥсыжра аҿҳәара иаахо иалагеит

"Иахьа араион ахада ихы ԥхьакны дыҟоуп игәамбзиара иахҟьаны, араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ убас. Араион ахада иқәҵара инақәыршәаны 60 шықәса ирҭысхьоу ауаа аҩныҟа ишьҭуп. Араион ахадара аҟәшақәа зегьы алаҳәара рзыҟаҳҵеит, аха аӡәы-ҩыџьа зегьынџьара иҟоуп ауаа рыдкыларазы. Ари ачымазара ашәарҭара иацу рзеилкаауамызт уи аԥхьа, аха шьҭа агәра ргеит, акарантин ахь ицеит", - ҳәа адырра ҟаиҵеит Ԥерцхьелиа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит ачымазара ҿкы азы иҟоу ашәарҭара ҳасаб азуны алԥсаа дзауз мышкы-ҩымш еиҳаны дыкҿарҵом ҳәа.

Шәазыӡырҩы аудио. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны.