Гәниаԥҳа еиҭалҳәеит ахәыҷқәа COVID-19 шырхырго атәы
© Sputnik
"Сара хылаԥшра зысҭо ахәыҷқәа еиҳарак 6-7 шықәса зхыҵуа роуп. Аҭаацәа ианаамҭоу аҳақьым идҵаалар, ианаамҭоу ахәшәқәа рыдкылара иалагазар, ахәыҷы ичымазара нап адыркылазар, имарианы имҩасуеит. Ахәыҷқәа имарианы ирхыргоит ҳәа иҟоу агәаанагара аԥышәагьы ишьақәнарӷәӷәоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Гәниаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.