Урыстәыла иаарԥшу COVID-19 ахҭысқәа миллионки бжаки иреиҳахеит

Џьонс Хопкинс иуниверситет аҟны изларыԥхьаӡаз ала, адунеи аҟны COVID-19 здырбалаз ауаа рхыԥхьаӡара 43 миллион ирзааигәахоит, урҭ рахьтә 1,14 миллион иреиҵамкәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла арегионқәа 84 рҟны иаадырԥшит акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа 16 710 ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Роспотребнадзор ахәыҷқәа акоронавирус еиҭарго еиҭарымго шьақәнаргылеит

Москва аоперативтә штаб адыррақәа рыла, 26,7 процент (4456-ҩык ауаа) ачымазара аҟазшьақәа рхы иадырбаломызт.

Зегьы иреиҳаны акоронавирустә хҭысқәа азгәаҭоуп Москвеи – 4455, Санкт-Петербурги – 709 иара убас Москватәи аобласт аҟны– 491. Ачымазцәа рхыԥхьаӡара иацымлеит Чукотка, уахыки-ҽнаки рыла реиҳа имаҷны акоронавирустә хҭысқәа ахьазгәаҭоу Чечентәылоуп – 0,4 процент.

Аепидемиа ҟалеижьҭеи Урыстәыла иаадырԥшхьеит зынӡа 1 513 877 коронавирустә хҭыс. Рыԥсҭазаара иалҵит 26 050-ҩык ауааԥсыра, ргәы бзиахеит – 1 138 522-ҩык.

Џьонс Хопкинс иуниверситет аҟны изларыԥхьаӡаз ала, адунеи аҟны COVID-19 здырбалаз ауаа рхыԥхьаӡара 43 миллион ирзааигәахоит, урҭ рахьтә 1,14 миллион иреиҵамкәа рыԥсҭазаара иалҵит. Авирус реиҳаӡа алаҵәара ахьамоу тәылоуп Еиду Америкатәи аштатқәа (8,6 миллионҩык чмазцәахеит), аҩбатәи аҭыԥ аҟны игылоуп Индиа (7,9 миллионҩык), ахԥатәи аҿы Бразилиа (5,4 миллионҩык). Урыстәыла аԥшьбатәи аҭыԥ аҿы ишыҟац иаанхоит макьана.