АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Ашколхәыҷқәа акоронавирус еиҭаргоит ҳәа иҟаз агәаанагара ашьақәырӷәӷәара амоуит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Пастер ихьӡ зху Роспотребнадзор аепидемиологиеи амикробиологиеи ринститут адиректор, РАН академик Арег Тотолиан иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аҵарауаҩ иҳәеит адуцәа роуп ахәыҷқәа аҿкы рызҭо ҳәа.
"Аԥхьа, ахәыҷқәа маҷны ишычмазцәахоз анырдыр иҟан агәаанагара ахәыҷқәа симптомда ачымазара еиҭаргоит ҳәа. Аха скандинавиатәи атәылақәа руак аҿы аҭҵаарақәа мҩаԥган. Урҭ иадырбеит ахәыҷқәа адуцәа ачымазара ишадмырҟьашьуа, адуцәа шракәу ахәыҷқәа зҟьышьуа", - иҳәеит амаҵзура зыҿцәажәоз.
Тотолиан иҳәеит авирус ацәеижь аҿы ишыҿио ахыцқәа изырҭалазар. "Иҭаларҭа" хаданы иҟоу арецептор ACE2 ауп. Уи ахәыҷқәа рҟны ашьҭақәа роуп иҟоу, измоу адуцәа роуп, аиҳарак абыргцәа.
"Ари ачымазара астатистика иадҳәалоуп. Ахәыҷ чымазцәа рхыԥхьаӡара 10 процентк роуп иартәоу COVID-19 змоу рхыԥхьаӡараҿы", - иҳәоит аепидемиолог.
Иара иажәақәа рыла ахәыҷқәа арецептор АСЕ2 рымамзаара иадҳәаланы акоронавирус рыхьыргьы авирус ахыԥхьаӡара маҷӡоуп. Аҿкра зауз ахыцқәа маҷзар, авирус хәҭақәагьы маҷхоит. Убри азоуп аду иаасҭа авирус аиҭагара зизалмыршо ҳәа иҳәоит Тотолиан.
Иахьазы Урыстәыла аҵакыраҿы 1 463 306 акоронавирустә инфекциа хҭыс аҭыԥ амоуп, аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рыла – 15 971 хҭыс.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аплазма ахархәарала: Урыстәылатәи аҳақьымцәа COVID-19 ахәышәтәра астандарт аус адырулеит