Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит

Уаанӡатәи, хыԥхьаӡарала аԥшьбатәи, Аслан Бжьаниа Москваҟа иныҟәара хыркәшан 2020 шықәса цәыббра 14 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москваҟа амҩа дықәлеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭаҿи Урыстәыла Аиҳабыра рҿи еиуеиԥшым аиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп.

Аслан Бжьаниа ахадас дҟалазар ари ахәбатәи ныҟәароуп имҩаԥигоу.