Аслан Бжьаниа аԥсуа ҳақьымцәа дырԥылеит Москва

Урыстәыла иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба Аԥсны ахада изеиҭеиҳәеит апандемиа аамҭазы Ацҳаражәҳәарҭа аусура шымҩаԥнаго атәы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Усутә ныҟәарала Москва иҟоу Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит ҳәа аанацҳауеит Ацҳаражәҳәарҭа асаит.

Урыстәыла иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба Аԥсны ахада изеиҭеиҳәеит апандемиа аамҭазы Ацҳаражәҳәарҭа аусура шымҩаԥнаго атәы.

Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп Ацҳаражәҳәарҭаҿы ишымҩаԥысыз Аслан Бжьаниеи Москва аус зуа аԥсуа ҳақьымцәеи реиԥылара. Аиԥылараҟны ирылацәажәан COVID-19 аҿагыларазы Аԥсны имҩаԥысуа ауснагӡатәқәеи ареспублика ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭареи.

"Аусутә ҟазшьа змаз аицәажәара ҳаман. Уи аихшьаалақәа рыла  ауснагӡатәқәа ҳадаҳкылоит", - иҳәеит ахада Ацҳаражәҳәарҭа еиҿнакааз аиԥылара ашьҭахь.

Аслан Бжьаниа Москваҟа дцеит жьҭаара 26 рзы.