Урыстәылатәи ахимиатә хьчара аҟазауаа Очамчыра араион аҿы арзҩыдарақәа мҩаԥыргеит

Урыстәылатәи ахимиатә хьчара аҟазауаа фымшуп Аԥсны иахьаҵанакуа арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргоижьҭеи. Уажәазы 300 тнызқь метр-ԥшьыркца арзҩыдара иахыжьуп.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Мышкы ахы-аҵыхәала Аԥсны, Очамчыра араион асоциалтә инфраструктура аобиектқәа 85 000 метр ԥшьыркца рзҩыданы иахысхьеит ахимиатә хьчара аҟазауаа. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Урыстәылатәи ахимиатә хьчара аҟазауаа Очамчыра араион аҿы арзҩыдарақәа мҩаԥыргеит

Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы 11 машьына рколонна Ҟрымынтәи Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базахь иааит жьҭаара 19 рзы 800 километра иахысны.

Жьҭаара 26 рзы дара Очамчыра араион ахадара, апрокуратора, аџьармыкьа, араионтә хәышәтәырҭа, ашколқәа, арратә хәҭа аказармақәа дырзҩыдеит, зынӡа 85 000 метр ԥшьыркца ирыҵаркуа ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәылатәи ахимиатә хьчара аҟазауаа Очамчыра араион аҿы арзҩыдарақәа мҩаԥыргеит

Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа еидҵоу аҟәшааруаа 30-ҩыки 11 автомашьынеи аусурақәа мҩаԥыргон.

Автомашьынақәа ирылахәуп зхала арзҩыдага ақәызҭәо амобилтә комплексқәа АРС-14М, ареактив рныҟәага зықәгылоу амашьынақәа ТМС-65У, ДКВ-1К, аԥхарратә машьынақәа ТМС-65У, арзҩыдага ҷыдақәа ДК-4.