АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәамшқәа рзы аԥсшьаразы заатәи рҿаҵара рацәак ирацәам, абри атәы иҳәеит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Аԥсуа телехәаԥшраҿы апресс-конференциа анымҩаԥигоз.
"Сгәаанагарала уи зыхҟьо Урыстәыла кешбек асистема аус ахьауоуп. Урыстәыла атәылауаа ртәыла аҵакыра ԥсшьарҭаны иалызхуа инырхыз аԥарақәа рҟынтәи 20% рыздырхынҳәуеит", - иҳәеит иара.
Ари азкуп Урыстәыла ауааԥсыра рыԥсшьара ртәыла аҩныҵҟа ирхыргаларц. Уи ҳәарада Аԥсны атуристтә сектор анырра анаҭоит ҳәа иазиԥхьаӡоит Хышба.
Нанҳәа акы азы аурыс-аԥсуа ҳәаа аадыртызар, Аԥсны иаҭаахьеит 600 000-ҩык атуристцәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсныҟа ашықәсҿыцазтәи атурқәа рыхәԥса шьақәыргылоуп
600 нызқьҩык атуристцәа Аԥсны иаҭааит нанҳәа 1 аахыс