Кьасоу Лаӷынӡиа амикрохирургиатә операциа қәҿиарала изыҟарҵеит

2017 шықәса нанҳәамзазы жәеиза шықәса зхыҵуаз Кьасоу Лаӷынӡиа инапы абаҟахаҳә ақәҳаит. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аоперациаз аԥара еизганы Новосибирсктәи аклиникақәа руак ахь дрышьҭит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Кьасоу Лаӷынӡиа амикрохирургиатә операциа қәҿиарала изыҟарҵеит Новосибирск атравматологиеи аортопедиеи ринститут аҿы ҳәа аанацҳауеит Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Instagram адаҟьаҟны.

2017 шықәса нанҳәамзазы жәеиза шықәса зхыҵуаз Кьасоу Лаӷынӡиа инапы абаҟахаҳә ақәҳаит. Кьасоу инацәкьарақәа ииашамкәа иӷьо иалагеит, иаҭаххеит аҩбатәи аоперациа. Аоперациа Новосибирск аҟаҵаразы еизган 372 814 мааҭ.

Афонд "Ашана" аҿы ирҳәеит ахәыҷ иани дареи шеимадоу. Лара лажәақәа рыла аоперациа қәҿиарала имҩаԥысит, Кьасоу апалатахь диаргеит, иҭагылазаашьа бзиоуп.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" аҷкәын иҭаацәеи ацхыраара ҟазҵаз зегьы ҭабуп ҳәа рарҳәоит.