Мҷышьҭатәи акалмаҳааӡарҭа аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара маҷуп

Мҷышьҭатәи акалмаҳааӡарҭа Аӡеиқәа аҟәараҿы еиҿкаауп. Иргылан 1935 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 28– Sputnik, Бадри Есиава. Зқьи хәышәҩык рҟынӡа аҭааааит анхамҩа сынтәа нанҳәамза инаркны жьҭаара 1 аҟынӡа. Ари ҵыԥхтәи ашықәс арбагақәа ирыдкыланы уахәаԥшуазар ҩынтә еиҵоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит анаплакы адиректор Ражьден Агрба.

"Нанҳәа 15 рзы аусура ҳалагеит. Убри инаркны жьҭаара акы аҟынӡа  1500-1600 билеҭ рҟынӡа ҳҭиит. Билеҭк ахәԥса 150 мааҭ ыҟоуп. Ииасыз ашықәс аан ҩынтәны еиҳаны иаҳҭиит", - иҳәоит Агрба.

Иаҿашәеит сыҵәгәыр: Мҷышьҭатәи акалмаҳааӡарҭа аҭоурых

Аҭагылазаашьа Агрба акоронавирус апандемиа иадиҳәалоит. Уи асасцәа рҭаара адагьы аԥсыӡ рыфатә аагарагьы анырра анаҭеит. Иара иажәақәа рыла дара европатәи афатә хкқәа ракәын иаархәоз, аха уажәы алогистикатә проблемақәа ирхырҟьаны урҭ Аԥсныҟа раагара уадаҩуп.

Абри аҭагылазаашьаан ацхыраара ҳарҭоит Кындыӷтәи ҳколлегацәа, уаҟагьы акалмаҳааӡарҭа аргылара иаҿуп ҳәа иҳәоит Агрба.

"Дара рхаҭақәа рҭагылазаашьа шымариамгьы аԥсыӡ ыфатә азы иҳацхраауеит. Аԥсыӡ афатә авитаминқәа алазароуп. Ицәгьам ақьамшьиа иалху ашылагьы", - иҳәоит иара.

Мҷышьҭатәи акалмаҳааӡарҭа Гәдоуҭа араион Аӡеиқәа аҟәараҿы еиҿкаауп. Иргылан 1935 шықәса рзы. 1992-1993 шықәсқәа раан анаплакы аусура аанкылан.

Аԥсыӡ ыҟан афатә нҵәаанӡа, нас икны гәдоуҭатәи арратә штаб ахь аруаа рыкрыфаразы инаргеит. Аибашьра ашьҭахь анаплакы шьаҭанкыла иҿыцны ихацыркхеит.