Уахыки-ҽнаки рыла 106-ҩык акоронавирус шрылаз аадырԥшит Аԥсны

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 4058-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 2071-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 36-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 458 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 106 тест рҟны ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 137-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 118-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 26-ҩык, ибжьаратәуп - 40-ҩык, илҩаауп 15-ҩык апациентцәа. Гәдоуҭатәи агоспиталь иҭашәеит жәҩык ачымазцәа.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 51-ҩык апациентцәа. 47-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп. Амобилтә госпиталь аҟынтәи илҩаауп быжьҩык.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>