АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 427 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 68 тест рҟны ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аоперштаб иара убас иаанацҳаит жьҭаара 29 рзы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы лыԥсҭазаара дшалҵыз 1976 шықәсазы ииз апациент. Лара ахәышәтәырҭа дҭашәеит жьҭаарамза 13, лыԥсыԥ лагаҩагара акыр илцәыцәгьаны, ҩганктәи агәыҵәкра лыманы. Иақәнагаз атерапиа шлзымҩаԥыргозгьы, жьҭаара 29 рзы лдунеи лыԥсахит.
Жьҭаара 29 рзы рзы иԥсыԥ лагаҩагара акыр ицәыцәгьаны, ҩганктәи агәыҵәкра иманы аҟәатәи амобильә госпиталь аҟны ишьҭаз апациент иԥсҭазаара далҵит, иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 135-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 113-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 29-ҩык, ибжьаратәуп - 36-ҩык, илҩаауп 13-ҩык апациентцәа. Гәдоуҭатәи агоспиталь иҭашәеит 11-ҩык ачымазцәа.
Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 55-ҩык апациентцәа. 51-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>