Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иргоз аконтрабанда аанкылоуп

Краснодартәи аҳазалхратә маҵзура Шәача ақалақь аҿтәи апресс-маҵзура адырра ҟанаҵахьан аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аҭаҭын аалыҵ изакәанымкәа ахыгаразы азинеилагарақәа рхыԥхьаӡара иазҳаит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿтәи амаҵзура аусзуҩцәеи аҳазалхыҩцәеи иааныркылеит аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда. Абри атәы аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарратә ҳәааҟны аҽазныкгьы аконтрабандатә тауар аанкылоуп

Аидаратә транспорттә хархәага иҭаҵәахны аԥсуа-аурыс ҳәаа аҭаҭын аалыҵ ахыгара аԥырҟәҟәаан Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә Маҵзура Краснодартәи атәылаҿацә аҿтәи амаҵзура аусзуҩцәеи аҳазалхыҩцәеи русеицурала ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амҩа иқәыз аидарамҩангагатә автотранспорт агәаҭараан иаарԥшын иҭаҵәахыз аҭаҭын аалыҵ 2560 ҭоԥ (25600 пачка).

Аконтрабандатә аалыҵ изгоз имхуп, аекспертизахь инашьҭуп. Уи алкаақәа инарықәыршәаны ишьақәыргылахоит аалыҵ аџьармыкьатә хәыԥса. Аусҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.

Уаанӡа Шәача аҳазалхратә маҵзура адырра ҟанаҵахьан аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аҭаҭын аалыҵ изакәанымкәа ахыгаразы азинеилагарақәа рхыԥхьаӡара иазҳаит ҳәа.

Краснодартәи атәылаҿацә Шәача ақалақь аҳазалхырҭа иазгәанаҭоит еиҳа иҿыцу атехникатә ҭаԥшыхәгақәа ахархәара шрырҭо урыстәылатәи аџьармыкьахь асигарет маӡала алагалара аԥырҟәҟәааразы.