Измир иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны аԥсуаа рахьтә ԥсыҭбара ҟамлеит

Адгьылҵысра аепицентр апровинциа Измир ақалақь Сеферлихисар иаҵанакит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 30 — Sputnik. Cырма Ашәԥҳа.Ҭырқәтәыла Измир ақалақь аҟны иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны  аԥсуаа рахьтә ԥсыҭбара ыҟам, абри атәы иҳәеит Сҭампыл еиҿкаау Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба.

"Анцәа иџьшьаны, аԥсуаа рганахь ала, ԥсыҭбара ыҟам", - иҳәоит иара.

Аҟәысба иажәақәа рыла, уажәтәи аамҭазы иҟоу адырраҭарақәа рыла ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ахәрақәа змоу рацәаҩуп- 200-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Сааҭцыпҳьаӡа аинформациа аҽаԥсахуеит, аҭҵааратә усурақәа мҩаԥысуеит, иҳәеит иара.

Ҭырқәтәыла мраҭашәаратәи ахәҭаҿы адгьылҵысра ҟалеит

"Ахсаалаҿы изларбо ала, Измир ақалақь Ҭырқәтәыла мраҭашәаратәи аган аҿы ишьҭоуп.  Ааигәа-сигәа иҟоу ақалақьқәа иреиуоуп Бурса,  Билеџьиқь, уантә машьынамҩала ҩба-хԥа сааҭ рыла унаӡоит. Бырзентәылеи  Ҭырқәтәылеи ирыбжьоу Егеитәи амшын аԥшаҳәаҿы иҟоу қалақьуп. Ҭырқәтәыла  иҟоу ақалақь дуқәа Сҭампыли Анкареи рнаҩс зегь реиҳа идуу қалақьуп ҳәа иԥхьаӡоуп Измир ақалақь,  уаҟа инхо ауааԥсыра рхыԥхьаӡара хәмиллионк иреиҳауп", - иҳәеит Аҭанур Аҟәысба.

Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба излазгәаиҭо ала, адунеи иалаҵәаз аҿкчымазара ҟамлазҭгьы, Измир ақалақь аҿы аԥсуаа ркультуратә хеидкыла аԥҵара ргәы иҭан, уи аԥхьаҟа хымԥада ишьақәдыргылоит.

"Адгьылҵысра иахҟьаны мшын аԥшаҳәа иазааигәаны игылаз ахыбрақәа роуп еиҳарак ибгаз. Ателехәаԥшратә дырраҭарақәа излазгәарҭо ала, 6-7 рыбжьара рҟынӡа инаӡоит иҟалаз адгьылҵысра амчхара, аӷәӷәара.  Аԥсҭбарақәа иҵегьы еиҳахар ҟалап,  иҟоу аҭагылазаашьа ус еиԥш агәҽанызаара ҳанаҭоит. Амшын аҿы иҟалеит азы адгьыл анҵысы, ацәқәырԥақәа рыҽдырӷәӷәеит, 30 см. рҟынӡа ақалақьқәа рыҩныҵҟа аӡқәа хыҵны ирыжәлеит, еиҳарак аԥшаҳәа азааигәара иҟоу араионқәа ааха рнаҭеит", - ҳәа азгәеиҭеит Аҭанур Аҟәысба.  

Измир ақалақь аҿы ибгаз ахыбрақәа хәба-фба рҟынӡа ыҟоуп. Аҩнеихагылақәа ирыҵаркуа ауадақәа рхыԥхьаӡара рацәоуп, акырӡа аԥхасҭа ӷәӷәа ҟанаҵеит иҟалаз адгьылҵысра. Аԥхьаҟагьы агәҽанызаара ӷәӷәа аадырԥшуеит уаҟа инхо ауааԥсыра, иҳәеит адиаспора ахаҭарнак.