Арадио

Малиа аацытәи амҩа акаҭран ақәҵаразы: аусурақәа аамҭала иаанкылоуп

Аацы ақыҭа ахада Игорь Малиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭа Аинвестпрограммала амҩа акатран ақәҵаразы ицо аусурақәа ртәы.
Sputnik
Малиа аацытәи амҩа акаҭран ақәҵаразы: аусурақәа аамҭала иаанкылоуп

"Амҩа азҵаара ҳашьҭеижьҭеи акрааҵуан, аинвестпрограмма ҳақәшәеит. Амҩа 5 километрак акаҭран ықәҵан иҟарҵахьеит, даҽа 2 километрак аанханы иҟоуп. Атекника иадҳәалоу амзызқәа ирхырҟьаны уажәы аусурақәа аанкылоуп. Мчыбжьык ашьҭахь иалагоит. Аацы иарбоуп 7 километрак, анаҩс еидҳәалахоит Аҷандареи Аацыи рымҩа, уа даҽа 4 километрак ҟаҵатәхоит. Амҩа аганқәа еиҭа абӷанҷ ҭаԥсаны иҟаҵатәуп, анаҩс ацҳақәагьы ҟаҵатәхоит. Ианалгалак, аусқәа рыхә ушьаратәы иҟалоит, макьана имҩаԥгатәу аусурақәа маҷым. Амҩа аҭбаара џьара-џьара 4, 4,5, 5 метрак рҟынӡа инаӡоит. Амашьынақәа еивысыртә иҟоуп", - еиҭеиҳәеит Малиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: