Арадио

Сангәлиа: анаука бзиа избоит, изласылшо аҿаргьы адсыԥхьалоит

Жьҭаара 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аҭҵаарадырра амш. Аҵарауаҩ қәыԥш Аслан Сангәлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит анаука аҿар шадиԥхьало атәы.
Sputnik
Сангәлиа: анаука бзиа избоит, изласылшо аҿаргьы адсыԥхьалоит

"Сара ААУ санҭалоз азындырратә факультет баша иалсымхит, ашкол санҭазгьы даара азҿлымҳара асҭон азиндырра, аҳәынҭқарра ашьақәыргылара. Аҭҵаарадырра зҽазсыскызгьы, анаҩс аполитикахь сымҩа аатуеит ҳәа сыгәҭакны акәӡам, анаука сара бзиа избоит, есымша садгылоит изласылшо ала, аҿаргьы адсыԥхьалоит, аҳәынҭқарреи азини рышьақәгылашьа, анаукахь агәыбылра дыркра сҽазысшәоит. Ҳҵарадырра аҩаӡара еиҳа ишьҭыхлатәуп, аҿар гәацԥыҳәала иазнеиуеит ҳәа сыҟам. Аҿар аҵарахьы ихьарԥшлатәуп, иргәаԥхартә иҟаҵатәуп. Уи азы иҟаҵатәу ашьаҿақәа маҷӡам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сангәлиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: