Урыстәылатәи аруаа ААУ аҵакыреи ахыбрақәеи арзҩыдара иахыргеит

Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы Ҟрымынтәи Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базахь иааит жьҭаара 19 рзы 800 километра иахысны.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 30- Sputnik. Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аҟазауаа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҵакыреи ахыбрақәеи арзҩыдара иахыргеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аруаа зынӡа 65 000 метр ԥшьыркца ирыҵаркуа  ахыбрақәа, амҩақәа аҵакырақәа дырзҩыдеит ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ауснагӡатәқәа ирылахәуп Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа еидҵоу аҟәшааруаа 30-ҩыки 11 автомашьынеи.

Автомашьынақәа ирылахәуп зхала арзҩыдага ақәызҭәо амобилтә комплексқәа АРС-14М, ареактив рныҟәага зықәгылоу амашьынақәа ТМС-65У, ДКВ-1К, аԥхарратә машьынақәа ТМС-65У, арзҩыдага ҷыдақәа ДК-4.

Урыстәылатәи аруаа ААУ аҵакыреи ахыбрақәеи арзҩыдара иахыргеит

Урыстәылатәи ахимиатә хьчара аҟазауаа жәымшуп Аԥсны иахьаҵанакуа арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргоижьҭеи. Уажәазы 500 нызқь метр-ԥшьыркца арзҩыдара иахыжьуп.