Даҽа 69-ҩык Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рыдбалоуп

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 4302-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 2314-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 42-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 358 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 69 тест рҟны ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 134-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 116-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 19-ҩык, ибжьаратәуп - 30-ҩык, илҩаауп хәҩык апациентцәа.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 36-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә аӡәы дхьанҭоуп.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 64-ҩык апациентцәа. 61-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>