Аимпорт аиҵахара Гәдоуҭа араион аҿы ауҭраҭых аҭира еиҳанатәит

2020 шықәсазы Гәдоуҭа араион аҿы еизган 800 тонна акырпыжәи ашьынкеи. Уи 200 тонна рыла еиҵоуп 2019 шықәсазы аасҭа.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Апандемиа иахҟьаны аимпорт аиҵахара Гәдоуҭа араион аҿы ауҭраҭых аҭира еиҳанатәит, абри атәы иҳәеит Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Иури Кәарцхьиа.

Аџьықәреи аарыхразы Гәдоуҭа араион хәышықәсатәи арекорд иаԥгоуп

Сынтәа еиҳа маҷк еиҵаны илаҵан акырпыжәи ашьынкеи - 17 гектар роуп, еизгахеит 800 тонна.

"Аиҿырԥшразы, ҵыԥх зықь тонна рҟынӡа аҽаҩра ҭагалан, аха аалыҵ зегьы зыҭимхеит, аимпорт рацәан азы. Сынтәатәи аҽаҩра зегьы рҭиит, апандемиа аамҭазы аимпорт ахькаҳаз азы", - иҳәеит иара.

Кәарцхьиа игәаанагарала ҽааны анхацәа еиҳагьы еиҳаны иларҵоит, 2020 шықәса иаҿырԥшны ҩынтә-хынтә аҽаҩра еиҳахартә аиԥш.

Уаанӡа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Гурам Инаԥшьба иҳәахьан 2020 шықәса нанҳәа 1 азтәи арбагақәа рыла атауареикәыршара 13 миллиарди 823 миллион мааҭ ыҟоуп, планла – 15 миллиарди 897 миллион мааҭ рцынхәрас ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: