Аԥсны ашьхарахь раԥхьатәи асы ауит

Ҵыԥх Аԥсны раԥхьатәи асы леит цәыббра 23 рзы, аха уи рацәак ишьҭамхакәа мышқәак рышьҭахь иӡыҭит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны иҳазлеит раԥхьатәи асы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апансионат "Ауадҳара" адиректор Асҭан Арсҭаа.

Арҭ аамҭақәа рзы асы рацәак амуит. 5-8 сантиметра роуп. Иара абриаҟароуп ҵыԥх Ауадҳара иҳазлеиз асгьы заҟараз. Сынтәа хә-мчыбжьа рыла  инаскьаны асы ҳзауит", - иҳәоит Арсҭаа.

Аԥсны ашьхарахь раԥхьатәи асы ауит

Ауадҳара амҩа иаԥырхагам, аха ара зыԥсы зшьоз аԥсшьаҩцәа аршәеит.

"Амҩақәа цқьоуп, уи азы апроблема ыҟаӡам. Аҵаагьы ыҟам. Жьҭаара 28 раахыс апансионат ҭәуп. Аҭыхыҩцәа ргәыԥ ҳҭоуп. Абҵара 4 рҟынӡа аангылара ргәы ишҭазгьы асы анлеи ицеит. Аҭыхрақәа рзымҩаԥгомызт", – иҳәеит иара.

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иааунырыртә ахьҭа аҿалеит.

Агидрометеорологиа аҟәша аиҳабы Диана Ҭраԥшьԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит абҵара актәи ахәҭазы ареспубликаҿ ишыхьҭахо.

Ус шакәугьы макьаназы аԥхарра ҳцәыӡуеит ҳәа узҳәом. Аҳауа аԥхарра 20 - 25 °С иҩеир ҟалоит аамҭақәак рзы. Амшынӡы аҟәандара –18 - 20 °С.