АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 215 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 47 тест рҟны ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 135-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 116-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 20-ҩык, ибжьаратәуп - 29-ҩык, илҩаауп фҩык апациентцәа.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 36-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп, аӡәы дыӷәӷәоуп.
Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 66-ҩык апациентцәа. 63-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Аоперштаб иаанацҳауеит амобилтә госпиталь аҟны лыԥсҭазаара дшалҵит 1961 шықәсазы ииз апациентка. Лара ахәышәтәырҭа дҭашәеит лыԥсыԥ лагаҩагара акыр илцәыцәгьаны, ҩганктәи агәыҵәкра лыманы. Иақәнагаз атерапиа шылзымҩаԥыргозгьы, абҵара 2 рзы лдунеи лыԥсахит.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>