Урыстәылантә Аԥсныҟа иитәым атәылауаҩшәҟәала дҭаларц иақәызкыз ахаҵа даанкылоуп

Аҳәаахьчаратә усбарҭа ашьауӷа хацнаркит изакәантәымкәа, иахәҭоу документда Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра аҽазышәара аҵаҵӷәала.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Краснодартәи атәылаҿацә аҟны иҟоу аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа  дааныркылеит Урыстәылантә Аԥсныҟа иара иитәым атәылауаҩшәҟәала дҭаларц иақәызкыз ахаҵа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

"Урыстәыла атәылауаҩ Урыстәыла Афедералтә закәан "Урыстәылатәи Афедерациа алалареи Урыстәылатәи Афедерациа алҵреи» ахәҭаҷ 6 (15.08.1996 № 114-ФЗ) инақәыршәаны Аԥсны аҵакырахь алалара азин иҭамкәа даанкылан", - аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Аҳәаахьчаратә усбарҭа ашьауӷа хацнаркит изакәантәымкәа, иахәҭоу документда Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра аҽазышәара аҵаҵӷәала.