Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Чхьеиӡе Гәдоуҭа араион абылрақәа ирызкны

АҶА Гәдоуҭатәи амцарцәаратә ҟәша аиҳабы Родик Чхьеиӡе арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит араион аҟны мызкы иалагӡаны 30-нтә амцарцәаразы ааԥхьарақәа шроуа.
Sputnik
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Чхьеиӡе Гәдоуҭа араион абылрақәа ирызкны

"Изыхҟьаз ҳәа ишьақәыргылан иҳамам, аха, агәҩара ыҟоуп уи афымцатә цәаҳәа ауп ҳәа. Аҩнахьы инагоу ацәаҳәақәа жәытәуп, арԥхагақәа рацәаны иандыргылалак иазычҳаӡом. Аӡын абылрақәа еиҳарак алашара иахҟьоит. Уажәтәи абылраан аҩны ахыб еилаҳаит, хԥа-ԥшьба уада ҳарбааӡеит акәымзар, ахыб ҟаҵазар, урҭ ухьчартә иҟоуп. 25 километр бжьан иахьыҟалаз аҭыԥ аҟынӡа. Ҳнеиаанӡа аамҭагьы цеит, амашьынақәа аӡы рҭоуп азы 20 минут рҟынӡа амҩа ҳақәхеит. 25 минуҭ рыла амца аҽеиҵнахуеит. Хмашьынак ҭаагеит, уи аҩны арцәаразы. Ус ааигәа Абгархықә амцакра ҟалеит, иӷәӷәаны иблит аҩны, Оҭҳара еиҭа ус. Ирацәоуп абнатә былрақәагьы. Мызкала 30-нтә ҳанҭыҵуа ыҟоуп", - еиҭеиҳәеит Чхьеиӡе.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.