Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа иҭнаҵаауеит аҳақьым лцәа аԥҽра аҽазышәара ыҟан ҳәа аинформациа

Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Возба Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь цхыраара ҳәа иааз аҳақьым лцәа аԥҽра иҽазишәеит ҳәа аинформациа рылаҵәеит асоциалтә ҳақәа рҿы абҵара 4 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 5 – Sputnik. Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа иҭнаҵаауеит Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь цхыраара ҳәа иааз урыстәылатәи аҳақьым лцәа аԥҽра аҽазышәара ыҟан ҳәа ирыларҵәоу аинформациа. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.

"Асоциалтә ҳақәа рыла ирыларҵәаз аинформациа аҭҵаара ҳаҿуп. Макьаназы еиҳа инарҭбаау аинформациа ҳамам. Уи адагьы лара аҳақьым лхаҭа дашшу дмашшу атәы аилкаара ҳаҿуп", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Возба Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь цхыраара ҳәа иааз аҳақьым лцәа аԥҽра иҽазишәеит ҳәа аинформациа рылаҵәеит асоциалтә ҳақәа рҿы абҵара 4 рзы.

Иара убасгьы иҳәан аҭыԥҳа абналара лылшеит, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭахь днеиит ҳәа. Ахара здырҵо иԥшаара иашьҭоуп ҳәа.