Урыстәылатәи аруаа Гагра арзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргеит

Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы абҵара 5 рзы Гагра аобиектқәа арзҩыдарақәа мҩаԥыргеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи Гагра аобиектқәа рырзҩыдарақәа мҩаԥыргеит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак Павел Груздиев.

Урыстәылатәи аруаа Гагра арзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргеит

"Иахьа ҳара гагратәи аџьармыкьа, 25 000 метр ԥшьыркца иахьаҵанакуеи 6 000 метр ԥшьыркца иахьаҵанакуа амҩа дырзҩыдеит. Уи ашьҭахь араион ахадара ахыбра, 4,5 нызқь метр ԥшьыркца дырзҩыдеит", - иҳәеит иара.

Груздиев иҳәеит ахәаша, абҵара 6 рзы арзҩыдарақәа ишырхырго Гагратәи ахәышәтәырҭеи БТИ ахыбреи. Аусурақәа мҩаԥыргоит 7 акк атехникеи 18-ҩык аруааи.

Урыстәылатәи аруаа Гагра арзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргеит

Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аруаа Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Гәдоуҭа араионқәа рҿы ауаа рацәа реизарҭақәа, азеиԥшхархәагатә мҩадуқәа, зынӡа 600 000 метр ԥшьыркца дырзҩыдахьеит.