Урыстәылатәи аруаа Гагра ақалақь иахьаҵанакуа арзҩыдарақәа хдыркәшеит

Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы абҵара 5 рзы Гагра аобиектқәа арзҩыдарақәа мҩаԥыргеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи аҟазауаа Гагра аобиектқәа рырзҩыдарақәа мҩаԥганы иалгеит абҵара 6 рзы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак Павел Груздиев.

Урыстәылатәи аруаа Гагра арзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргеит

"Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи аҟазауаа Гагра аобиектқәа: гагратәи аџьармыкьа, 25 000 метр ԥшьыркца иахьаҵанакуеи 6 000 метр ԥшьыркца иаҵанакуа амҩеи дырзҩыдеит. Уи ашьҭахь араион ахадара ахыбра, 4,5 нызқь метр ԥшьыркца иҟази Гагратәи ахәышәтәырҭеи БТИ ахыбреи дырзҩыдеит", - иҳәеит иара.

Груздиев иҳәеит аусурақәа мҩаԥыргоит 7 акк атехникеи 20-ҩык аруааи ҳәа.

Асабша, абҵара 7 инаркны арзҩыдаратә усмҩаԥгатәқәа ирылагоит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы.

Уаанӡа Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аруаа Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Гәдоуҭа араионқәа рҿы ауаа рацәа реизарҭақәа, азеиԥшхархәагатә мҩадуқәа, зынӡа 600 000 метр ԥшьыркца дырзҩыдахьеит.

Урыстәылатәи аруаа Гагра ақалақь иахьаҵанакуа арзҩыдарақәа хдыркәшеит

Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы ажьҭаара 19 рзы Аԥсныҟа иааиит. Уи аԥхьа, мшаԥымзааазгьы ара имҩаԥган арзҩыдаратә усурақәа.