Арадио

Арҷелиаԥҳа COVID-19 ахәышәтәраан антибиотик ахархәаразы: аҳақьым иоуп изыӡбаша

Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит COVID-19 ахәышәтәраҿы антибиотик ахархәаразы лгәаанагара.
Sputnik
Арҷелиаԥҳа COVID-19 ахәышәтәраан антибиотик ахархәаразы: аҳақьым иоуп изыӡбаша

"Антибиотик терапиа ианакәзаалакгьы ҳхы иаҳархәон, аха авирус ахаҭа уи ашьӡом. COVID-19 аныҟала аҽны инаркны иалкаау антибиотикк ҳхы иаҳархәоит, уи авирус ашьуеит ҳәа агәаанагара рымоуп аҳақьымцәа адунеи аҟны, аха антибиотик анаҭаху аҳақьым иоуп изҳәо, ҳара ауаҩы ишьа гәаҳҭоит, ииммунитет шыҟоу ҳаҳәаԥшуеит. Ауаҩы иммунитет аныԥсыҽу, авирус анацлалак, еиҳагьы иланарҟәуеит. Убри аҟнытә уи дацәыҳахьчоит ицәа-ижьы иалало абактериақәа, урҭ ауаҩы даара иԥырхагахар ҟалоит. Аҳақьым иоуп изыԥхьаӡо антибиотик аҭаху иаҭахыму. Антибиотик абактериа ауп иашьуа, авирус, акоронавирус зшьуа ҳәа макьана хәшәык алкааны иҟам. Сгәыӷуеит иаарласны убри ахәшә цәырыргап ҳәа, аҳәа агрипп аныҟаз хымз-ԥшьымз рыла ицәырҵит ахәшә, уи акырӡа иҳахәеит ахәышәтәраҿы. Аҳақьымцәа ачымазаҩ антибиотик анииҭо ишәаны-изаны дахәаԥшуеит, кыр ихәома, иԥырхагахома ҳәа. Адунеижәларбжьаратәи агәыбзиарахьчара аиҿкаара иахәҭоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит азитромицин COVID-19 зыхьуа иҭара. Уи ианаҭаху ираҳҭоит, ианаҭахым - мап. Ҳара аҳақьымцәа хәшәык бзиам ҳәа анырҳәо аамҭаз ишьақәырӷәӷәоу адыррақәа ҳамазароуп, иҭҵааны иаҭахым ари ахәшә ҳәа адырра шааҟалак, уи ачымазаҩцәа ираҳҭалаӡом, аха уҳәан-сҳәан ала ҳара аус ҳауӡом", - азгәалҭеит Арҷелиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: